https://sputnik-abkhazia.info/20220612/aamanyk-eishymka-aidgylara-aayrshyroup-putin-itylauaa-urystyla-amsh-rydinyaleit-1039530290.html
Ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара ааҳарԥшыроуп: Путин итәылауаа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит
Ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара ааҳарԥшыроуп: Путин итәылауаа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы урыстәылаа ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара аадырԥшыроуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Урыстәыла Амш... 12.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-12T15:55+0300
2022-06-12T15:55+0300
2022-06-12T16:51+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/10/1038152306_0:0:3084:1736_1920x0_80_0_0_cc684a326846de0e53b979bad75eb516.jpg
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы урыстәылаа ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара аадырԥшыроуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Урыстәыла Амш рыдныҳәало."Ҳтәылауаа зегьы ирыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш - ҳаԥсадгьыл иазку аҳәынҭқарратә ныҳәа. Ҳара ҳазгәыдууп ҳџьынџь аҭоурых, ԥхьаҟагьы аԥеиԥш лаша шамазаауа агәра ҳгоит. Ҳара иахьа еиҳагьы еилаҳкаауеит аидгылара, ажәҩахыреибыҭара ҷыдала ишаҭаху", - иҳәеит ахада Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз агәырӷьаратә еилатәараҿы.Иара иазгәеиҭеит шәышықәсала абиԥарақәа иаанрыжьуаз атрадициақәа, адоуҳатә беиарақәа шеишықәсала рҽырӷәӷәо ишааиуа Урыстәыла аҭоурых зегьы иагәылсны.Урыстәыла Амш - ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, уи есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы, РСФСР Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.
https://sputnik-abkhazia.info/20220612/aslan-bzhania-vladimir-putin-urystyla-amsh-idinyaleit-1039526930.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/10/1038152306_353:0:3084:2048_1920x0_80_0_0_b7309a8594e96314326667d191ca5c38.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара ааҳарԥшыроуп: Путин итәылауаа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит
15:55 12.06.2022 (ирҿыцуп: 16:51 12.06.2022) АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы урыстәылаа ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара аадырԥшыроуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Урыстәыла Амш рыдныҳәало.
"Ҳтәылауаа зегьы ирыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш - ҳаԥсадгьыл иазку аҳәынҭқарратә ныҳәа. Ҳара ҳазгәыдууп ҳџьынџь аҭоурых, ԥхьаҟагьы аԥеиԥш лаша шамазаауа агәра ҳгоит. Ҳара иахьа еиҳагьы еилаҳкаауеит аидгылара, ажәҩахыреибыҭара ҷыдала ишаҭаху", - иҳәеит ахада Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз агәырӷьаратә еилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит шәышықәсала абиԥарақәа иаанрыжьуаз атрадициақәа, адоуҳатә беиарақәа шеишықәсала рҽырӷәӷәо ишааиуа Урыстәыла аҭоурых зегьы иагәылсны.
"Наџьнатә аахыс иҳамаз аидгылара, аԥсадгьыл абзиабара, уи азы ахымшаҭара, аҭакԥхықәра ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа еиқәырхо иаҳзааргон. Урҭ адоуҳатә традициақәа ирымоу амч закәу аадыруеит. Урҭ милаҭрацәала еилоу ҳажәлар еидыркылоит, ирыланааӡоит иԥшьоу апатриотизм ацәаҩақәа", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла Амш - ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, уи есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы, РСФСР Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.