Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аҩаша рашәара 14 рзы

Аӡыржәтә аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 20:00-нӡа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Аҟәа ауааԥсыра ӡыржәтәда иаанхоит уаҵәы рашәара 14 рзы, абри атәы аанацҳауеит аунитартә наплакы "Аӡыршьҭра".
Ӡыда иҟазаауеит Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, Вием, Алашарбага, ақалақь агәҭа ахәҭак.
"Аӡыршьҭра" аацҳамҭаҿы иазгәаҭоуп аӡы шаанкылахо Дбар, Чачба-Басариа, Сахаров-Март 4 рымҩақәа рҟны аӡымҩангагатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥгахо азы.