Аԥсны

Агидрофымцастанциа маҷ дыргыларц ргәы иҭоуп апансионат "Ауадҳара" аҟны

Апансионат "Ауадҳара" иахьатәи аамҭазы афымцалашара аҿаркуеит ҽнак ҩынтә - шьыжьи хәылбыҽхеи дизельтә генераторла.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Апансионат "Ауадҳара" аҿы ахатәы гидрофымцастанциа маҷ ҟалоит аԥхынра нҵәаанӡа, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Апроект уажәоуп ҳаналаго. Аматериалқәа ҳзааргахьеит, аԥхынтәи аԥсшьараамҭа нҵәаанӡа иргыланы ҳалгоит, аусурагьы иалаҳаргоит. Иара амчхара 30 киловатт иҟалоит. Уи уахи-ҽни апансионат аусуразы иазхоит", - иҳәеит иара.
Амилаҭтә парк аиҳабы ишиҳәаз ала, апансионат "Ауадҳара" иахьатәи аамҭазы афымцалашара аҿаркуеит ҽнак ҩынтә - шьыжьи хәылбыҽхеи дизельтә генераторла.
2022 шықәса раԥхьатәи аҭааҩцәа "Ауадҳара" ирыдыркылеит рашәара 6 рзы. Мчыбжьык ала уа рыԥсы ршьахьеит 20-ҩык. Реиҳараҩык урҭ Аԥсны атәылауаа роуп иҳәеит Багаҭелиа.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит
Апансионат "Ауадҳара" Аԥсны ашьхараҿы идыргылеит зқьи хәышә метра амшын инахыкны аҳаракыраҿы. Иара гылоуп Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы, аминералтә ӡҵәыҵәы Ауадҳара ахы ахьыҵнахуа иацәыхарамкәа.