Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә миссиа хықәкыс ирыманы

Аԥснынтәи ЛЖәР-ҟа ицеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа 15-ҩык, амиссиа напхгара аиҭоит Лев Кәыҵниа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә миссиа хықәкыс ирыманы, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
ЛЖәР аиқәырхаҩцәеи дареи ргәы иҭоуп аибашьраан еилаҳаз, иԥхасҭахаз аинфраструктура аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа.
Уи адагьы, Аԥснынтәи Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь инаргоит 10 тоннак агуманитратә еидара, уи иалоуп кыраамҭа иԥхасҭамхо афатәқәа - аиҵажә (тушенка-аред.), ахрыӷқәа, ашьаҳариа, азараҟьахәша.
1 / 3

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә миссиа хықәкыс ирыманы

2 / 3

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә миссиа хықәкыс ирыманы

3 / 3

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә миссиа хықәкыс ирыманы

Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ишналагаз инаркы Аԥсны излалшо ала Донбасс ауааԥсыра адгылара рнаҭоит.
Ҷыдала иуҳәозар, Аԥсны АҶА лассы-лассы ДЖәР-и ЛЖәР-и руааԥсыреи аԥснынтәи Донбасс ахақәиҭтәразы хатәгәаԥхарала еибашьуеи агуманитартә цхыраара рызнаргахьеит, аҭынч уааԥсыра ралгараҿы ицхырааит.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара