Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аԥсны атопонимикеи административтә–дгьылҵакырала ашареи иазкны

"Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә–дгьылҵакырала ашашьа" ииашан ишьақәзыргыло ашәҟәы аиқәыршәара иадулаз аус, уи ахархәараҿы иахьынӡацхыраагӡахо, атопонимика ахьынӡариашоу атәы арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит Аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭа аиҳабы Кама Гогьиаԥҳа.
Sputnik
"Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә–дгьылҵакырала ашашьа" - абас ахьӡуп ааигәа акьыҧхь збаз ашәҟәы. Уи аҭыжьра алыршоуп Аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аԥшьгарала. Ари аҭыжьымҭа еиднакылоит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи ақыҭақәеи рыдгьылҵакырақәа, рыхьӡқәа, рҳәаақәа. Аҭыжьымҭа алфавит ала еихшаны араионқәа, ақалақьқәа, аҳаблақәа, ақыҭакәа, ажәакала Аԥсны анхарҭатә ҭыԥқәа алнакаауеит.
"Раԥхьаӡа акәны иалыршахеит аилагарақәа змаз атопонимикатә хьыӡқәа зегьы аҭыжьымҭаҿы ириашаны реиқәыршәара. Аҭыжьымҭа хықәкыс иамоу ахьыӡқәа рыԥсахра мацара акәӡам, ара аполитикатә ҵакы амоуп. Ақырҭцәа аныҟаз ирыԥсахыз даара ирацәан, абарҭ зегьы риашаны аԥсуа хьыӡқәа рыҭаны аҭоурыхтә хьыӡқәа шьақәыргыланы иҟаҵоуп. Аҭыԥхьыӡқәа рышьақәгылараҿы даара аџьабаа ибеит Аԥсны Жәлар реизара спикерс иҟаз Валери Кәарҷиа. Апарламент ирыдыркылеит, убри шыҟарҵаз ауп ҳаргьы ахархәара шаҳҭаз", – ҳәа еиҭалҳәеит Гогьиаԥҳа.
Аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭа аиҳабы иара убасгьы дазааҭгылеит Аҳәынҭқарра административтә–дгьылҵакырала ашара аус шадулаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.