Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа ЛЖәР иқәырхит аҳәаанырцәтә еибашьцәа ахьгылаз аҭыԥ

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра уаанӡа адырра ҟанаҵахьан Украина қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишагхаз.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа ракетала иеихсны иԥыржәеит ЛЖәР иҟоу аамҭала аҳәаанырцәтә еибашьцәа ахьгылаз аҭыԥ, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Иқәхуп: Лугансктәи Жәлар Рреспублика Фиодоровка араион аҿы аамҭала аҳәаанырцәтә еибашьцәа ахьгылаз аҭыԥ, иара убас Харьковтәи аобласт Прогресс араион аҿи Лугансктәи Жәлар Рреспублика Волчеиаровка араион аҿи зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа ҩ-батареиак", - ҳәа аарыцҳауеит адырраҭараҿы.
Иара убас аҳауа иалоу аракетақәа рыла иқәхын Америкеи Европеи рҟынтәи иаарышьҭуаз абџьар.
Аракетақәеи артиллериеи иреихсит аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 247 раион, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 13, артиллериа ахьгылоу ахысырҭаҭыԥқәа 63, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа рышьақәгылақәа быжьбеи арадиоелектронтә ҿагылара астанциеи.
Аоператив-тактикатәи арратәи авиациеи рхысрақәа ирыбзоураны уахыки-ҽнаки рыла иқәхын напхгараҭаратә ҭыԥк, арадиолокациатә станциа ЗРК "Бук-М1", аибашьцәеи атехникеи ргыларҭақәа 63 раион. Авиациала иҭархан 120-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, атанкқәа ҩба, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи быжьба, иҷыдоу автомобилқәа 11.
Аҳауаҿагыларатә мчрақәа рыла уахыки-ҽнаки рыла икажьын украинатәи адронқәа ааб, Луганск иахьаҵанакуа "Байрактар ТБ-2" убрахь иналаҵаны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ДЖәР апарк арыцқьараан 200 мин еиҵырхит