Аԥсны иҟоу адекоративтә ҵлақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи ахәшәтәра хацыркуп аҳҭнықалақь аҟны. Атәыла егьырҭ араионқәа рҟны апальмақәа аус рыдырулоит аҭыԥантәи ахадарақәа иҟарҵо азыҳәарала. Иахьазы уадаҩрас иҟоу, аҵлақәа ианаамҭоу рыхәшәтәраз техникала аиҵахарақәа роуп ҳәа азгәеиҭеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы.
"…Ахәшәқәа роура мацара шазымхо аҟара ҳаргьы иаҳбоит, техникала араионқәагьы ишахәҭацәҟьоу еиқәшәам. Гагра мацара ҩымчыбжьа-хымчыбжьа ахәшәтәра ианаго ыҟоуп. Уи аан аамҭаказы егьырҭ ахәаҷамаҷақәа рҟынтәигьы ахәшәтәрақәа мҩаԥгалатәуп. Иахьа ахәшәтәрақәа Гагра иалагеит, уаҵәы Гәдоуҭа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла сынтәы ԥшьышықәсоуп апальмақәа рхәышәтәуеижьҭеи Аԥсны.
"Хымԥада , иҟоуп алҵшәақәа. Раԥхьатәи ашықәс азы аҳҭнықалақь аҟны 18 ҵла ԥаҳҟеит, адырҩашықәсан хԥа, ахԥатәи ашықәс азы акгьы, сынтәагьы ус акәхоит ҳәа сгәы иаанагоит… Апальма ус иԥхьаӡоуп знык иҵыкәкәар, нас аизҳара ҟалом ҳәа. Ишдыру еиԥш, ахәаҷа хыхьла ауп агәыцә шафо, убри анаҳбалак ашьапы иныҵакны иԥаҳҟон. Иҟалеит ҩыџьара аҳҭнықалақь аҟны иҳазԥымҟакәа, аамҭа ҳзымхеит. Амахәҭақәа ҿыҩрны икаҳаит, адырҩашықәсан ҳаԥшызар, апытҟәыр цәырҵын аизҳара иалагеит. Апатҟәыр ацәырҵра наукала иҟаӡамызт џьаргьы. Ҳаргьы ҳхәыцлоит абри 18 цыра иԥаҳҟаз ԥаҳамҟазҭгьы, еизҳазҭгьы ҳәа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.