https://sputnik-abkhazia.info/20220614/atylauai-aiabyrei-yanaa-apalmaa-rykhshtra-alsha--1039590143.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра алҵшәа
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра алҵшәа
Sputnik Аҧсны
Апальмақәа рыхәшәтәра шеиҿкаау, знапы иану, лҵшәас иамоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа. 14.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-14T20:00+0300
2022-06-14T20:00+0300
2022-06-14T20:00+0300
арадио
аԥсны
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0e/1039591497_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_77eee51533bfcf5e7319b51f12fefba6.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра алҵшәа
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра алҵшәа
Аԥсны иҟоу адекоративтә ҵлақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи ахәшәтәра хацыркуп аҳҭнықалақь аҟны. Атәыла егьырҭ араионқәа рҟны апальмақәа аус рыдырулоит аҭыԥантәи ахадарақәа иҟарҵо азыҳәарала. Иахьазы уадаҩрас иҟоу, аҵлақәа ианаамҭоу рыхәшәтәраз техникала аиҵахарақәа роуп ҳәа азгәеиҭеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы."…Ахәшәқәа роура мацара шазымхо аҟара ҳаргьы иаҳбоит, техникала араионқәагьы ишахәҭацәҟьоу еиқәшәам. Гагра мацара ҩымчыбжьа-хымчыбжьа ахәшәтәра ианаго ыҟоуп. Уи аан аамҭаказы егьырҭ ахәаҷамаҷақәа рҟынтәигьы ахәшәтәрақәа мҩаԥгалатәуп. Иахьа ахәшәтәрақәа Гагра иалагеит, уаҵәы Гәдоуҭа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.Иара иажәақәа рыла сынтәы ԥшьышықәсоуп апальмақәа рхәышәтәуеижьҭеи Аԥсны."Хымԥада , иҟоуп алҵшәақәа. Раԥхьатәи ашықәс азы аҳҭнықалақь аҟны 18 ҵла ԥаҳҟеит, адырҩашықәсан хԥа, ахԥатәи ашықәс азы акгьы, сынтәагьы ус акәхоит ҳәа сгәы иаанагоит… Апальма ус иԥхьаӡоуп знык иҵыкәкәар, нас аизҳара ҟалом ҳәа. Ишдыру еиԥш, ахәаҷа хыхьла ауп агәыцә шафо, убри анаҳбалак ашьапы иныҵакны иԥаҳҟон. Иҟалеит ҩыџьара аҳҭнықалақь аҟны иҳазԥымҟакәа, аамҭа ҳзымхеит. Амахәҭақәа ҿыҩрны икаҳаит, адырҩашықәсан ҳаԥшызар, апытҟәыр цәырҵын аизҳара иалагеит. Апатҟәыр ацәырҵра наукала иҟаӡамызт џьаргьы. Ҳаргьы ҳхәыцлоит абри 18 цыра иԥаҳҟаз ԥаҳамҟазҭгьы, еизҳазҭгьы ҳәа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0e/1039591497_124:0:2853:2047_1920x0_80_0_0_57f7643d2624f9ef16d05d2e6bee6258.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аподкаст, аудио
аԥсны, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аподкаст, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра алҵшәа
Апальмақәа рыхәшәтәра шеиҿкаау, знапы иану, лҵшәас иамоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Аԥсны иҟоу адекоративтә ҵлақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи ахәшәтәра хацыркуп аҳҭнықалақь аҟны. Атәыла егьырҭ араионқәа рҟны апальмақәа аус рыдырулоит аҭыԥантәи ахадарақәа иҟарҵо азыҳәарала. Иахьазы уадаҩрас иҟоу, аҵлақәа ианаамҭоу рыхәшәтәраз техникала аиҵахарақәа роуп ҳәа азгәеиҭеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы.
"…Ахәшәқәа роура мацара шазымхо аҟара ҳаргьы иаҳбоит, техникала араионқәагьы ишахәҭацәҟьоу еиқәшәам. Гагра мацара ҩымчыбжьа-хымчыбжьа ахәшәтәра ианаго ыҟоуп. Уи аан аамҭаказы егьырҭ ахәаҷамаҷақәа рҟынтәигьы ахәшәтәрақәа мҩаԥгалатәуп. Иахьа ахәшәтәрақәа Гагра иалагеит, уаҵәы Гәдоуҭа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла сынтәы ԥшьышықәсоуп апальмақәа рхәышәтәуеижьҭеи Аԥсны.
"Хымԥада , иҟоуп алҵшәақәа. Раԥхьатәи ашықәс азы аҳҭнықалақь аҟны 18 ҵла ԥаҳҟеит, адырҩашықәсан хԥа, ахԥатәи ашықәс азы акгьы, сынтәагьы ус акәхоит ҳәа сгәы иаанагоит… Апальма ус иԥхьаӡоуп знык иҵыкәкәар, нас аизҳара ҟалом ҳәа. Ишдыру еиԥш, ахәаҷа хыхьла ауп агәыцә шафо, убри анаҳбалак ашьапы иныҵакны иԥаҳҟон. Иҟалеит ҩыџьара аҳҭнықалақь аҟны иҳазԥымҟакәа, аамҭа ҳзымхеит. Амахәҭақәа ҿыҩрны икаҳаит, адырҩашықәсан ҳаԥшызар, апытҟәыр цәырҵын аизҳара иалагеит. Апатҟәыр ацәырҵра наукала иҟаӡамызт џьаргьы. Ҳаргьы ҳхәыцлоит абри 18 цыра иԥаҳҟаз ԥаҳамҟазҭгьы, еизҳазҭгьы ҳәа", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.