Аԥсны иҟоу аплиажқәа реиҳарак амшынҭалара аамҭа иазыҟаҵам, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшырҭа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иааҭаху зегьы рыла ҳаиқәшәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – мцуп, иҟоуп аус зыдуалатәу ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габелаиа.
"Ҩышықәса раахыс аӡҭаларатә ҭыԥқәа ашәарҭара зцу иалкааны аҩыра кыдҵаны иҟаҳҵоит. Урҭ еснагь иҳарҿыцуеит. Аӡәы иԥиҽуеит, аӡәы иамхны икаижьуеит. Аиқәырхаҩцәа макьана иҳамаӡам, уи азҵаара ӡбамзар ада ԥсыхәа шамам еилаҳкаауеит. Аха макьана аҽыкәабаразы ашәарҭадара зцу аҭыԥ ҳәа иҳамоу дара аиқәырхаҩцәа русурҭатә ҭыԥ иазааигәоу ауп. Амшын ҳәаа азгәазҭо амаругақәа ахаргылан иҳаман, аха урҭгьы иԥхасҭахаз ыҟоуп, аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп, хара имгакәа иҟаҵахоит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра ахыдҵақәа зегьы ҳзынагӡом, аха иҟоу рахьынтә ҳамч зылшо наҳагӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.