https://sputnik-abkhazia.info/20220614/gabelaia-ochamchyra-apliazha-razyrkhiarazy-aishsha-aoup-a-sar--aibazheit-1039560965.html
Габелаиа Очамчыра аплиажқәа разырхиаразы: ҳаиқәшәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – ҳаибажьеит
Габелаиа Очамчыра аплиажқәа разырхиаразы: ҳаиқәшәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – ҳаибажьеит
Sputnik Аҧсны
Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәа зеиԥшроу, насгьы иабанӡаеиқәыршәоу зҽызкәабо ауааԥсыра ршәарҭадара аганахьала, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, араион... 14.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-14T10:51+0300
2022-06-14T10:51+0300
2022-06-14T10:51+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0d/1039560812_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_490cb6bac7cf81e3142ab49f07b6b11c.jpg
Габелаиа Очамчыра аплиажқәа разырхиаразы: ҳаиқәышәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – ҳаибажьеит
Sputnik Аҧсны
Габелаиа Очамчыра аплиажқәа разырхиаразы: ҳаиқәышәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – ҳаибажьеит
Аԥсны иҟоу аплиажқәа реиҳарак амшынҭалара аамҭа иазыҟаҵам, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшырҭа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.Иааҭаху зегьы рыла ҳаиқәшәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – мцуп, иҟоуп аус зыдуалатәу ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габелаиа."Ҩышықәса раахыс аӡҭаларатә ҭыԥқәа ашәарҭара зцу иалкааны аҩыра кыдҵаны иҟаҳҵоит. Урҭ еснагь иҳарҿыцуеит. Аӡәы иԥиҽуеит, аӡәы иамхны икаижьуеит. Аиқәырхаҩцәа макьана иҳамаӡам, уи азҵаара ӡбамзар ада ԥсыхәа шамам еилаҳкаауеит. Аха макьана аҽыкәабаразы ашәарҭадара зцу аҭыԥ ҳәа иҳамоу дара аиқәырхаҩцәа русурҭатә ҭыԥ иазааигәоу ауп. Амшын ҳәаа азгәазҭо амаругақәа ахаргылан иҳаман, аха урҭгьы иԥхасҭахаз ыҟоуп, аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп, хара имгакәа иҟаҵахоит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра ахыдҵақәа зегьы ҳзынагӡом, аха иҟоу рахьынтә ҳамч зылшо наҳагӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0d/1039560812_95:0:2000:1429_1920x0_80_0_0_4bb70fe6529e9ca8a3b6fccfcd552087.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Габелаиа Очамчыра аплиажқәа разырхиаразы: ҳаиқәшәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – ҳаибажьеит
Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәа зеиԥшроу, насгьы иабанӡаеиқәыршәоу зҽызкәабо ауааԥсыра ршәарҭадара аганахьала, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Аԥсны иҟоу аплиажқәа реиҳарак амшынҭалара аамҭа иазыҟаҵам, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшырҭа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иааҭаху зегьы рыла ҳаиқәшәшәа ҳаҟоуп ҳәа сҳәар – мцуп, иҟоуп аус зыдуалатәу ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габелаиа.
"Ҩышықәса раахыс аӡҭаларатә ҭыԥқәа ашәарҭара зцу иалкааны аҩыра кыдҵаны иҟаҳҵоит. Урҭ еснагь иҳарҿыцуеит. Аӡәы иԥиҽуеит, аӡәы иамхны икаижьуеит. Аиқәырхаҩцәа макьана иҳамаӡам, уи азҵаара ӡбамзар ада ԥсыхәа шамам еилаҳкаауеит. Аха макьана аҽыкәабаразы ашәарҭадара зцу аҭыԥ ҳәа иҳамоу дара аиқәырхаҩцәа русурҭатә ҭыԥ иазааигәоу ауп. Амшын ҳәаа азгәазҭо амаругақәа ахаргылан иҳаман, аха урҭгьы иԥхасҭахаз ыҟоуп, аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп, хара имгакәа иҟаҵахоит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра ахыдҵақәа зегьы ҳзынагӡом, аха иҟоу рахьынтә ҳамч зылшо наҳагӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.