Аԥсны

Озгани Делбеи Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум иалахәхоит

Санкт-Петербургтәи 25-тәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аартхоит рашәара 15, ихыркәшахоит рашәара 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәхоит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.

Афорум мҩаԥысуеит Санкт-Петербург рашәара 15-18 рзы. Алахәылацәеи ажәахәҟаҵаҩцәа иалацәажәоит адунеитә зҵаатәқәеи, урыстәылатәи аекономикеи, асоциалтә зҵаарақәеи, атехнологиа аҿиареи.

Рашәара 17 азы афорум (ПМЭФ) далахәхоит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Аиҿцәажәара напхгара алҭоит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан.
Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум- адунеи аусутә гәыԥқәа рыбжьара кыр зҵазкуа хҭысуп. Раԥхьаӡа иара мҩаԥган 1997 шықәсазы, 2006 шықәсазы иара мҩаԥган атәыла ахада инапхгарала.