Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа даанкылоуп

Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи аоперациа еицмҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Собирхон Буриев Аҟәа дааныркылеит анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа гәҩарас дышьҭыхны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

ААР аусзуҩцәа иаанкылоу 22 шықәса зхыҵуа аҷқәын ишәҵатәы аџьыба аҟынтәи иҭыргеит анаркотикатә маҭәашьар мефедрон згәылаз аилаҳәырақәа ааба, Буриев ишәыра иҭан- аилаҳәагақәеи аелектронтә капангеи.

Буриев иажәақәа рыла, иара Аԥсныҟа дааит анаркотикқәа рыларҵәаразы, иара убас идирбеит аилаҳәырақәа ахьаанижьхьаз аҭыԥ маӡақәа - Аҟәа Ауниверситеттә амҩа ала.
Зынӡа амилициауаа идырбалеит 50 грамм амефедрон. Анаркотикқәа рыларҵәаразы Буриев ирҳараны дыҟан 10 нызқь мааҭ.
Аԥсны
Узбекистан атәылауаҩ анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа даанкылоуп
Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 апункт "в" ала иазԥхьагәаҭоу ашьаус хацыркуп (анаркотикатә маҭәашьарқәа хыԥхьаӡара рацәала раахәара, рымазаара, рыҭира рзы), аӡбарҭа ишаӡбаз ала, Буриев даанкылоуп.