Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Узбекистан атәылауаҩ анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа даанкылоуп

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Анапаҵаҩра
Ашьаус хацыркуп анаркотикатә маҭәашьарқәа хыԥхьаӡара рацәала раахәара, рымазаара, рыҭира рзы.
АҞӘА, лаҵара 6- Sputnik. Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи дааныркылеит Узбекистан атәылауаҩ Сирдижоддин Жамолидинов анаркотикатә маҭәашьарқәа хыԥхьаӡара рацәала раахәара, рымазаара, рыҭира инапы алакын ҳәа иҟоу агәаанагарала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Служба госбезопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Аԥсны
Узбекистани Кыргызстани ртәылауаа Аԥсны анаркотикқәа аладырҵәоит ҳәа иаанкылоуп
Иаанкылоу игәаҭараан идбалан аметадон згәылаз аилаҳәарақәа.

Жамолидинов иара убасгьы идбалан ателефонқәа ҩба. Урҭ рыла иара анаркотикқәа ахьиҵәахуаз аҭыԥқәа ҭыхны ауаа ирзишьҭуан.

Иаанкылоу иажәақәа рыла, иара Аԥсныҟа дааит анаркотикқәа рыларҵәаразы.
Жамолидинов далархәны Беигәа имҩаҿы иҵәахқәа аарԥшын. Аҭира иазырхиаз аилаҳәарақәа аарԥшын Арӡынба имҩаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0