Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалеит

Алхратә ҭыԥ №14 аҿы Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь адепутатцәа ралхрақәа мҩаԥысит рашәара 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Енвер Чамагәуа Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатс далырхит рашәара 12 рзы имҩаԥысыз алхрақәа раан. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь алхратә комиссиа ахантәаҩы Адгәыр Лагәлаа.
Лагәлаа иажәақәа рыла, Чамагәуа бжьык ала еиҳаны иоуит егьи акандидат Аслан Џьопуа иаасҭа.
Алхырҭатә ҭыԥ №14 Ажәытә ҳабла) аҿы Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь адепутат иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, рашәара 12 рзы. Урҭ ирылахәын ҩыџьа акандидатцәа - Енвер Чамагәуеи Аслан Џьопуеи.
Алхрақәа азгәаҭан ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи депутатс иҟаз Нарсоу Салаҟаиа Аԥсны Жәлар Реизара VII ааԥхьара адепутатс дахьалырхыз азы.