Аԥсны

Быҭәба амҩақәа рыҟны авидеорбагақәа ақәыргыларазы: ахараԥса иацәшәалоит

Рашәара 14 рзы амҩадуқәа рыҟны авидеохылаԥшратә система ашьақәыргылара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҟны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Амашьынарныҟәцаҩцәа рныҟәашәа иацклаԥшуеит амҩадуқәа рыҟны авидеохылаԥшратә система ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны, избан акәзар ахараԥса иацәшәоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, амҩақәа рыҟны авидеорбагақәа ақәыргыларазы иҟоу аиҿцәажәарақәа ахҳәаа рыҭо.
Ауаҩы анырра иҭара ҽакала иуадаҩуп, аԥышәа ишаҳнарбо ала, ауаҩы ахараԥса анишәо иҵоуро алҵшәа аиуеит, азгәеиҭеит иара.
"Уажәазы аусурақәа цоит, аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит, хымԥада, ари аус знапы ианҵахо аилак -ҳәынҭқарратәзароуп. Иақәхарџьхо рацәахом, избанзар, азинеилагаҩцәа ирыбзоураны иара аус ахаҭа ахашәала аанашьҭуеит", - иҳәеит аминистр.
Быҭәба иара убас иазгәеиҭеит, амҩадуқәа рыҟны авидеохылаԥшратә система ашьақәыргылара хәҭа-хәҭала амҩаԥгара шыҟало.
"Актәи ахәҭа аусура иалагалазар, уи арҿиара алыршахоит иахыԥхьаӡалахо ахараԥсақәа ирыбзоураны, абас еиԥш иҟоу афинанстә модель ҳахәаԥшуеит. Аԥсны ААР анапаҵаҟа иҟазарц ҳҭахуп, аха уи анагӡара залшахо аформақәа азыԥшаатәуп, избан акәзар Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра закәанла анаплакратә ус анагӡаразы азин амаӡам", - иҳәеит Быҭәба.
Аԥсны
Аԥсны амҩақәа рыҟны авидеорбагақәа ақәыргылара иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы
Ҳауаажәлар амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса ашәара шаҭаху еилыркаар, авидеохылаԥшратә система алҵшәа аанашьҭуеит, ҳәа агәаанагара имоуп Быҭәба.
Рашәара 14 рзы амҩадуқәа рыҟны авидеохылаԥшратә система ашьақәыргылара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҟны. Амҩадуқәа рыҟны авидеорбагақәа рықәыргылара амашәырқәа рыҟалара армаҷоит, избанзар амашьына аԥсҟы зку амҩатә ԥҟарақәа еилеигар дышҭнахуа дырны ашьшьыҳәа дцоит.
Ари апроект анагӡаразы аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа знапы ианиҵаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ахатәы еилахәырақәеи рҽеимаданы иҭырҵаароуп аимадареи акоммуникациатә усқәеи.
Аиԥылара алахәылацәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ражәалагалақәа наргароуп аӡбамҭа адкыларазы.