Аԥсны

Атәыла Ахада Аԥсны аррахь анаԥхьара иазԥҵәоу аамҭа аҿҳәара иациҵеит

Аԥсны атәылахьчара архәҭақәа рахь аррамаҵзура ахысразы инарыԥхьоит 18-27 шықәса зхыҵуа, аррамаҵзурахьы анаԥхьара зыхәҭоу Аԥсны атәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik. Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аррахь анаԥхьара иазԥҵәоу аамҭа аҿҳәара иациҵеит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аҿҳәара иацҵоуп 2022 шықәса ԥхынгәы 15 рҟынӡа аҳәынҭқарратә абжьаратәи, абжьара-занааҭтә, иреиҳауи аҵараиурҭақәа рҟны аҵарашықәс иахьацҵаз, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны акарантин ахь иахьыҟаз азы.
Иара убас, аррамаҵзурахь рнаԥхьара аҽҳәара ацҵоуп абжьаратәи, абжьара-занааҭтә, иреиҳау аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рзы.