Аԥсны

Бжьаниа: ареспубликатә биуџьет аԥара азоунажьҭуеит ахықәкытә программақәа 12 рынагӡаразы

2020 шықәса инаркны аҳәынҭқарра ахшара рацәа змоуи зылшарақәа маҷу аҭаацәарақәа анхарҭа ҭыԥла реиқәыршәареи, аенергетикеи, ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аспорти рыцхырааразы аԥара азоунажьҭуеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 464 миллион мааҭ азоужьуп ахықәкытә программақәа 12 рынагӡаразы, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Иара ижәақәа рыла, "Анхарҭа -2022" апрограмма анагӡаразы 37 миллион мааҭ азоужьуп. Анхарҭа рзаахәоуп 47 -ҩык.
Аматериалтәи егьырҭ асоциалтә цхыраарақәеи рзы аҳәынҭкарра иазоунажьит 803 миллион мааҭ.