Аԥсны

Бжьаниа: Қырҭтәыла активла арбџьармчқәа еизнарҳауеит

Атәыла ахада иҳәеит Қырҭтәыла НАТО иахәҭакны аҟалара хықәкыс иамоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы НАТО имҩаԥнаго арратә ҽазыҟаҵарақәа амилаҭ ашәарҭара иҭанаргылоит, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа Жәлар Реизарахь инашьҭымҭаҟны.
"Қырҭтәыла ар амчқәа еизнарҳауеит, НАТО иахәҭакны аҟалара хықәкыс иамоуп. Аҩада Атлантикатә алианс иахәҭакны арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит ҳҳәаа азааигәара, адгьыл аҟнеиԥш амшын аҟынгьы. Абарҭқәа ҳмилаҭ ашәарҭара иҭанаргылоит", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иажәақәа рыла, ҳтәыла иақәлар зҭаху аннакылоит Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу астратегиатә еиҩызареи аимабзиареи, уи Аԥсны атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы ахәдықәҵара анаҭоит.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны изныкымкәа игәарҭахьеит НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ҳҳәаақәа шеиларго