Аԥсны

Пицунда иҟалаз ахысразы ашьаус Гагратәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп

"Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" рашәара 15 рзы иҟаз ахысра иахҟьаны Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа ахәрқәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда иҟалаз ахысразы ашьаус Гагратәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп, абри азы адырра ҟаиҵеит Гагра араион апрокурор Беслан Ԥкьын.
"Заанаҵтәи аусҭҵаара хыркәшаны ашьаус ахәаԥшразы аӡбарҭахь инашьҭуп. Иахьазы еилатәарак ауп имҩаԥыргахьоу. Аӡбарҭа даҽа еилатәарак амз нҵәаанӡа иҟалароуп", - иҳәеит иара.
"Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы Урыстәыла атәылауаа А. А. Филоиани Т. Н. Салимгариеви Лыхны инхо Дмитри Ԥлиеи ажәақәа еимаркын, Ԥлиа аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауз Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит. Дмитри Ԥлиа иакәзар, иҭирҟьаз хык бырны иара иқәшәеит, иаргьы ахәшәтәырҭахь дыргеит. Ԥлиа иганахьала ашьаус хацыркын, хәышықәса аҭакра иқәырҵар ҟалоит.
Аԥсны
Пицунда ахысраан ахәрақәа зауз атуристцәа аԥара рзыршәеит
2022 шықәса ажьырныҳәамзазы ахәрақәа зауз атуристцәа Аԥсны аиҳабыра 2 млн мааҭк рзыршәеит.