Аԥсны

Арӡынба Токаев иҳәамҭазы: ҳара ҳзинқәа реилагара иаԥсам

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараан Ҟазахсҭан ахада Касым Жомарт-Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ахатәҳәаақәҵара азин аԥсҭазаара аларҵәара ишаҿагыло, избанзар уи иахҟьаны аҳәынҭқарра ҿыцқәа цәырҵуеит, адунеи хыла-гәыла еилалоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ҟазахсҭан ахада Аԥсны асуверенитет зазхаимҵо ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа аофициалтә ҭак аиҭеит.
Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны - зҳәынҭқарра аҭоурых зқьышықәса инеиҳаны иахыҵуа тәылоуп, аԥсуа жәлар шәышықәсала ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иқәԥон, ҳара акырҵуеит зегьы идҳарбеижьҭеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы ахатәы закәантә ҭыԥ аанкыларазы азин шҳамоу.

"Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аусура ҳалахәхара иахҟьаны адунеи хыла-гәыла ишыҟамло дыруп. Аԥсны Аҳәынҭқарра - ари аҭынчԥсҭазаара бзиа избо асасдкылара злоу тәылоуп. Ҳара ҳаартуп аиҿцәажәарақәа рзы иҳадгыло иарбан ҳәынҭқарразаалак рзы. Аха ҳара ҳзинқәа реилагара аԥсам", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараан Ҟазахсҭан ахада Касым Жомарт-Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа иалоу апринципқәа ҩба - аҳәынҭқарра акзаареи амилаҭ ахатәҳәаақәҵареи дара-дара еиҿагылоит ҳәа.
Токаев ишиҳәаз ала, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа 193 рҭыԥан адунеи аҿы ицәырҵыр рылшоит 500 ма 600 рҟынӡа аҳәынҭқарра ҿыцқәа.
Токаев ҷыдала иазгәеиҭеит убри азы Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЛЖәР, ДЖәР, Таивань, Косово рхьыԥшымрақәа шазхарымҵо.
Токаев иҳәеит Ҟазахсҭан Аԥсны зазханамҵо