Токаев иҳәеит Ҟазахсҭан Аԥсны зазханамҵо

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022
Президент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2022
Анапаҵаҩра
Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара апринципқәа ҩба - аҳәынҭқарра акзаареи амилаҭ ахатәҳәаақәҵареи дара-дара еиҿагылоит, убри аан урҭ рыҩбагьы аиҿкаара аԥҟаԥҵәа иалоуп.
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараан Ҟазахсҭан ахада Касым Жомарт-Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ахатәҳәаақәҵара азин аԥсҭазаара иаларҵәазар, адунеи хыла-гәыла еилалоит, убри азоуп дара Аԥсны зазхарымҵо ҳәа.
Токаев ишиҳәаз ала, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа 193 рҭыԥан адунеи аҿы ицәырҵыр рылшоит 500 ма 600 рҟынӡа аҳәынҭқарра ҿыцқәа.

"Убри азоуп ҳара изазхаҳамҵо Таивань, Косово, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны. Сгәы излаанаго ала, ари апринцип ҳақәныҟәоит ԥыхьатәи аҳәынҭқарратә ҵакырақәа рганахьалагьы, Лугански Донецки реиԥш иҟоу", - иҳәеит Токаев.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәара онлаинла иалахәуп Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини, Касым-Жомарт Токаеви, Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Цзиньпини.
Ажәабжьқәа зегьы
0