Аԥсны

Аслан Бжьаниа Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа арӷәӷәара аҭахуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

Атәыла ахада хантәаҩра ззиуаз Ашәарҭара ахеилак аилатәара мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа арӷәӷәара аҭахуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ашәарҭара ахеилак аилатәараҟны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аилатәараҟны ареспублика ашәарҭадареи атәылахьчареи ирызкыз азҵаарақәа ирзааҭгылеит.
Уажәаԥхьа Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, Аԥсны азинхьчаратә маҵзурақәа изныкымкәа игәарҭахьеит НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ҳҳәынҭқарратә ҳәаақәа шеиларго ҳәа, ааԥхьара ҟаиҵеит ахьчаратә маҵзура аоперативтә усура рӷәӷәазарц.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны изныкымкәа игәарҭахьеит НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ҳҳәаақәа шеиларго