Апоет Анатоли Лагәлаа арадиостудиаҿы иҳәеит апроект анрыдыргала иаразнак ишақәшаҳаҭхаз, избанзар, ачымазара баапсы ашьҭахь алаф иазыԥшыз рацәаҩын ҳәа азгәеитеит Лагәлаа.
"Авокалтә-интсрументалтә гәыԥ инарыгӡо ашәақәеи апародиақәеи ауааԥсыра дырлахҿыхуеит. Ҳаиԥыларақәа сааҭки бжаки ицоит, аха 15 минуҭ рыла имҩасызшәа ауп ишыҟоу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лагәлаа.
Аҷандара ақыҭан инхо Витали Џьниа иҳәеит, ақыҭақәа акульутар аганхьала иԥсаданы ишыҟаз.
"Ақыҭа зырлахҿыхуа ас еиԥш апроектқәа аныҟала, ақыҭа-мԥсӡеит, ирхамышҭӡеит ауп иаанаго. Згәы иаахәаз рацәаӡоуп. Ибзианы иӡбоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьниа.
Иара игәалаиршәеит Чарирама ҳәа иҟаз алафҳәаҩцәа еидызкылоз апроект. Уи "Алаф ашҭа" иаҿирԥшит.
Анатоли Лагәлаа иажәақәа рыла иахьықәгылоз азалқәа зегьы ҭәын , анапеинҟьара рацәан. Иҳәеит ақыҭантәи алафҳәаҩцәа алархәра апроект еиҳагьы ишарбеиаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.