Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лагәлааи Џьниеи ақыҭақәа рҿы имҩаԥырго "Алаф ашҭа" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лагәлааи Џьниеи «Алаф ашҭа» ақыҭақәа рҿы иазкны
Анапаҵаҩра
Акультура аминистрра апроект "Алаф ашҭа" ахыдҵа шынанагӡо, ахәаԥшцәа ишрыдыркыло, абрҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит апоет Анатоли Лагәлааи Аҷандара ақыҭан инхо Витали Џьниеи.
Апоет Анатоли Лагәлаа арадиостудиаҿы иҳәеит апроект анрыдыргала иаразнак ишақәшаҳаҭхаз, избанзар, ачымазара баапсы ашьҭахь алаф иазыԥшыз рацәаҩын ҳәа азгәеитеит Лагәлаа.
"Авокалтә-интсрументалтә гәыԥ инарыгӡо ашәақәеи апародиақәеи ауааԥсыра дырлахҿыхуеит. Ҳаиԥыларақәа сааҭки бжаки ицоит, аха 15 минуҭ рыла имҩасызшәа ауп ишыҟоу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лагәлаа.
Аҷандара ақыҭан инхо Витали Џьниа иҳәеит, ақыҭақәа акульутар аганхьала иԥсаданы ишыҟаз.
"Ақыҭа зырлахҿыхуа ас еиԥш апроектқәа аныҟала, ақыҭа-мԥсӡеит, ирхамышҭӡеит ауп иаанаго. Згәы иаахәаз рацәаӡоуп. Ибзианы иӡбоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьниа.
Иара игәалаиршәеит Чарирама ҳәа иҟаз алафҳәаҩцәа еидызкылоз апроект. Уи "Алаф ашҭа" иаҿирԥшит.
Анатоли Лагәлаа иажәақәа рыла иахьықәгылоз азалқәа зегьы ҭәын , анапеинҟьара рацәан. Иҳәеит ақыҭантәи алафҳәаҩцәа алархәра апроект еиҳагьы ишарбеиаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0