Аԥсны

Гагра зыҩны блыз ауааԥсыра анхарҭа ҿыц рырҭеит

Гагра иблыз аҩны инхоз аҭаацәарақәа аҭыԥантәи асасааирҭа иҩнарҵеит мшаԥымза анҵәамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны иблыз ауадарацәа змаз аҩны анхацәа анхарҭа ҿыц ахь ииаргеит, абри атәы Sputniк акорреспондент иизеиҭалҳәеит агәаҟра иақәшәаз руаӡәк Злата Симонова.

"Мышқәак раԥхьа Гәдоуҭатәи амҩаду ала игылоу аҩнахьы нхара ҳәа ҳаиргеит. Гагратәи амилициа азааигәара ауп, ашьхара иазааигәоуп, даараӡагьы иԥшӡарҭоуп. Аҩны ҩ-еихагылак амоуп. Аихагылақәа рҟны хԥа-хԥа ҭаацәара нхоит, уаҟа акҿаҩра, ашьышьмаҭра, аҽыкәабарҭа ыҟоуп. Иацы арԥхага ҳзықәдыргылеит, уажәшьҭа аӡырԥха ҳамоуп. Анхаразы аҭагылазаашьа бзиоуп", - лҳәеит лара.

Симонова лажәақәа рыла, анхарҭа ҿыц ахь риагара азырыӡбеит аҭыԥантәи анапхгара. Иҟоу аиҿцәажәарақәа рыла хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәарақәа ара инхалоит жьҭаарамзанӡа. Настәи ашьаҿақәа ртәы ҭагалан аҽеиҩшамҭазы иалацәажәахоит.
Илҳәеит Аԥсны анапхгара аӡәыцыԥхьаӡа 50-50 нызқь мааҭ шрырҭаз. Арҭ аԥарақәа рыла дара иаархәеит аҩнымаҭәеи, ашәҵатәи. Иара убас ацхыраара рырҭоит рыуацәеи рҩызцәеи.
Аԥсны
Александр Анқәаб Гагра зыҩны блыз ауааԥсыра дырԥылеит
Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылыз ауадарацәа змаз аҩны абылра иахҟьаны хыҵакырҭада иаанхеит 20-ҩык. Амцакра ҟалеит мшаԥымза 26 рзы, аҩны лықәццышәаа ицеит. Амцакраан аӡәгьы дҭамхаӡеит, аха ауааԥсыра ааха ӷәӷәа роуит, - ирымаз-ирыхӡыз зегьы иҩнаблит, аӡәырҩы адокументқәа рзалымгаӡеит. Гагра араион анапхгара рымчала ааха зауз хә-ҭаацәарак аҭыԥантәи асасааирҭа иҩнарҵеит.