Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа Харковтәи аобласт аҟны аҳәаанырцәтәи аибашьцәа рҭыԥ "Азов" ықәырхит

Урыстәылатәи архәҭақәа Украина имҩаԥырго аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны арратә ҭыԥқәеи аинфраструктуреи аахақәа рырҭоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа Песочин араион Харковтәи аобласт аҟны иҟаз аҳәаанырцәтәи аибашьцәа рҭыԥ "Азов" ықәырхит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Уи адагьы, аҳауатә ҿагыларатә мчрақәа рхысрақәа ирыбзоураны уахыки-ҽнаки рыла иқәхын аибашьцәеи атехникеи ргыларҭақәа 18 раион, украинатәи артиллериа ахьгылоу ахысырҭаҭыԥқәа 10, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа рышьақәгылақәа "Град" фба, ДЖәР иҟаз абџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҩба.

Аоператив-тактикатәи арратәи авиациеи рхысрақәа ирыбзоураны уахыки-ҽнаки рыла иқәхын аибашьцәеи атехникеи ргыларҭақәа 58 раион, иҭархан 200-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, арадиолокациатә станциа ЗРК "Бук-М1","Оса-АКМ", аџьаԥҳаны шьҭаҵарҭа, атанкқәа жәаба, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи фба, иҷыдоу автомобилқәа 9.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит азауад "Азот" аҟынтәи аҭынч уааԥсыра аларгарц
Аҳауаҿагыларатә мчрақәа рыла уахыки-ҽнаки рыла икажьын украинатәи аҳаирплан Су-25, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 15, "Байрактар ТБ-2" убрахь иналаҵаны, ЛЖәР аанкылара рылшеит "Точка-У" аракета, "Ураган" ахыршәгақәа ааба.
Аракетақәеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иреихсит ахысырҭаҭыԥқәа 38, аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 203 раион. Ахысрақәа ирыбзоураны иҭархан 350-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, УАМ аԥырҩы дызҭам аԥырратә хархәагақәа рҭыԥк, акәылӡтәы машьынақәа ааба, аибашьыгатә машьынақәа БМ-21 ЗИАС "Град" хԥа, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи хԥа, иҷыдоу автомобилқәа 11.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Азовсталь" аҿы украинатәи аруаа 152-ҩык рыԥсыбаҩқәа амина рыҵаны ирбеит