АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Абардашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа 9-тәи жәларбжьаратәи рфестиваль "Ашәа узысҳәоит, Аԥсынра!" мҩаԥысуеит рашәара 23 рзы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿы ҳәа аарыцҳауеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.
Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп ахыҭхәыц-абардашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа раларҵәара, ари амузыка ажанр ала атрадициақәа реихаҳара.
Жәларбжьаратәи абардашәа афестиваль "Ашәа узысҳәоит, Аԥсынра!" аԥҵан 2010 шықәсазын. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы афестиваль рхы аладырхәит Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Москва, Санкт-Петербург уҳәа егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәи еицырдыруа абардашәаҳәаҩцәа.
Афестиваль ҷыдарас иамоу - ашәақәа зегьы бжьыцқьала инарыгӡоит, еиҳараҩык дара раԥҵамҭақәа.