Аԥсны

Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь агәамсамеизакырҭатә дәы аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Аргылара мҩаԥысуеит 2020-2022 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа ирықәхарџьхоит - 112,8 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҟны икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭатә дәы аҟны аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Уажәтәиала 2,4 гектар зҵазкуа ажра ҟаҵоуп. Иааизакны иазоужьуп 12 гектар адгьыл ҵакыра.
Анаҩс ишьақәыргылахоит арзҩыдаратә маруга, акьамсар еилызхо ацәаҳәақәа, акапанырҭа, атехниказы аҿахыб, фымцала аиқәыршәара, аусзуҩцәа рзы анхарҭақәа, урҭ рымаҵ ауразы иахәҭоу зегь рыла аиқәыршәара. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп агәам-сам шьҭаҵарҭа аӡцарҭақәа ррыцқьаразы ахыбра.
Агәамсамеизакырҭа аргыларазы аусурақәа рзеиԥш харџьынҵа иартәоит 112,8 миллион мааҭ.
Аусмҩаԥгатә афинансзоужьра еихшоуп ҩышықәса: 2021 шықәсазы – 43,6 миллион мааҭ, 2022 шықәса – 69,2 миллион мааҭ. Иахьатәи аамҭазы иазоужьуп 44,2 миллион мааҭ.
Аԥсны
Анардадаҩ хада Кациқыҭ агәамсамеизакырҭатә дәы ахархәарахь ианнеиуа атәы далацәажәеит
Аҳәынҭқарра Ахада аусурақәа рымҩаԥысшьа ибзиоуп ҳәа ахиҳәеит, иагьазгәеиҭеит аусурақәа иазгәаҭоу аамҭа иҭаргӡарц, аекологиатә нормақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу.