Аԥсны

Лаша Ашәба Аԥсны аҳақьымцәа Амедицина аусзуҩцәа рымш рыдиныҳәалеит

Сынтәа Амедицина аусзуҩцәа рымш азгәарҭоит рашәара 19 азы. Уи инамаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит ахәаша рашәара 17 азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Аԥсны агәабзиарахьчара аусуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Ашәба иазгәеиҭеит аҳақьым иус шыцәгьоугьы амедицина аусзуҩы изы ихадоу акәны ишаанхо ачымазаҩ гәыразыла изнеира.
"Ҳтәыла аҭоурых аҟны аамҭа хьанҭақәа раан афырхаҵара аарԥшуа, шәзанааҭ ишәыднаҵоз нашәыгӡон. Ус ауп аҿкчымазара ҳажәлар ианрылаҵәа аамҭазгьы шәхы шаашәырԥшыз. Ҳара мҩашьарада иаҳбеит амедицинатә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы занааҭҳаракыла хамеигӡарак ҟамҵакәа, иҟаз ашәарҭара шәшаҿагылаз", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Жәлар Реизара аиҳабы иазгәеиҭеит ҳтәылаҿы амедицина ахаҭабзиара ашьҭыхразы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амедицинатә усзуҩцәеи русеицура шхымԥадатәиу, уи азын аԥхьаҟа иҟаҵатәу шырацәоу.
Лаша Ашәба амедусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аихьӡарақәа, аинҭәылара.
Аԥсны
COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз аԥснытәи аҳақьымцәа "Ахьӡ-Аԥша" аорденқәа ранаршьеит