Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр дшыбаандаҩыц дааннажьит

Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба харас идырҵоит аҳәынҭқарратә мазара аӷьычреи аимҵәареи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба ибаандаҩра аҿҳәара даҽа ҩымз иацнаҵеит, нанҳәамза 19 2022 шықәсанӡа, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Апрокуратура хадаҿы.
Ахьчара аган ари аӡбамҭа иахашшааит, убри азы хымш ирылагӡаны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны имҩаԥысраны иҟоуп ахашшаара ахәаԥшра иазку аилатәара.
Ари аус азы егьи афигурант Надир Џьиналгьы нанҳәа 19 рҟынӡа аҩнытә баанаҩра шиқәыц дааныжьуп. Убри аан маҷк рԥсыҽрақәак изаларгалеит - ҽнак ԥшьсааҭк ҳауафара ддәылҵлар илшоит.
Аԥсны
Уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба дырбаандаҩуп
Гәдиса Агрба Аԥсны Акультура аминистрс дыҟан 2020 шықәса рашәарамза инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа.
Мшаԥымза 20 рзы иара даанкылан имаҵураҭыԥ ихы иархәаны аҳәынҭқарратә мазара мҽхакы ҭбаала аимҵәареи ахатәтәреи рзы. Иҟаиҵаз аԥхасҭа иартәеит 14,3 миллион мааҭ ҳәа иаԥхьаӡеит ашьаусԥшаара.
Абри аус ала ацәгьоура дацхраауан ҳәа гәҩарас дҟаҵоуп Надир Џьинал. Апрокуратура хада адыррақәа рыла, Агрбеи Џьинали еицәажәаны алашареи абжьи рзы амаругақәа хәы ҳаракыла раагаразы ацәгьоуратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аԥсны
Аӡбарҭа Надир Џьинал изы аӡбамҭа амԥсахӡеит