Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба дырбаандаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский суд
Сухумский суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Гәдиса Агрба Акультура аминистрс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭтәын жәабран 11 азы. Ари аусбарҭа дахагылан 2020 шықәса рашәара 5 аахыс. Гәдиса Агрба даанкылан имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Уаанӡа Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Гәдиса Агрба имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымоу аӡбарҭа аӡбрала дырбаандаҩуп. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа апресс-маҵзура.
Аӡбарҭа аӡбаҩ Асҭамыр Тәанба 2022 шықәса рашәара 19 рҟынӡа дбаандаҩызарц азыҳәа иҟаҵаз инақәыршәан аӡбра идикылеит.
Заанаҵтәи аусҭҵаара адыррақәа рыла, ацәгьоураан ацхыраара зуыз Надир Џьинал ирбаандаҩра мап ацәкын.
Аӡбаҩ аҩнытә баандаҩра иқәылҵеит 2022 шықәса лаҵара 19 рҟынӡа.
Гудиса Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Аԥсны
Уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба даанкылоуп аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны
Гәдиса Агрба Акультура аминистрс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭтәын жәабран 11 азы. Ари аусбарҭа дахагылан 2020 шықәса рашәара 5 аахыс. Гәдиса Агрба даанкылан имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
Гудиса Агрба ихҟьаны аҳәынҭқарра иаҭоуп аԥхасҭа 14,3 миллион мааҭ.
Надир Џьинал, Апрокуратура ахада адыррала Гудиса Агрба хәҳаракыла алашареи абжьыи рхархәагақәа раахәараҿ дицхрааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0