Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахадара уаанӡатәи аусзуҩ 6,5 шықәса аҭакра лықәырҵеит

Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа абиуџьеттә ԥара ахатәтәразы ашьаус хацыркын ииасыз ашықәс мшаԥымзазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аҳасабеилыргаҩ хада Џьалита Ҷаниаԥҳа аҳәынҭқарратә ԥара лытәтәразы ахара лхараҵоуп. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа 6,5 шықәса ҭакрала илхылгарци лмазара лымхызарци аӡбарҭа аднакылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Ҷаниаԥҳа лшьауӷа лхылгалоит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы. Лара лҿы лықәшаҳаҭхеит, иҟалҵаз аԥхасҭаҟынтә 1,5 миллион мааҭ лырхынҳәит.
Аԥсны Апрокуратура хада азакәанԥҵара анагӡаразы аусбарҭа имҩаԥнагаз агәаҭарала ишьақәыргылан Џьалита Ҷаниаԥҳа 2017 шықәса ажьырныҳәа 23 инаркны 2019 шықәса лаҵара 17 рҟынӡа Аҟәа ақалақь ахадара аҵара Аусбарҭа аҳасабеилыргаҩ хадас даныҟаз ауалафахәы ахыԥхьаӡаларазы аҳасабеилыргаратә ҳасаббараан адыррақәа реестр аҿы ишалырбоз уаанӡа зусура аанзыжьхьаз аусзуҩцәа.
Иара убасгьы Ҷаниаԥҳа закәаншьаҭада аусзуҩцәа рԥаратә хсаалагақәа рахь аԥарацҵа ыиалгон. Анаҩс, ауалафахәытә хсаалагақәа рдыррақәа лыманы иацҵаз аԥара ахылхуан. Абас ала, абри аамҭа иалагӡаны миллионки 528 нызқьи 12 мааҭ лтәылтәит. Аҳҭнықалақь ахадара аматериалтә ԥхасҭа ду алҭеит.
Аусҭҵаара хацыркуп Аҟәа ахадара аусзуҩ лганахьала