Аԥсны

Аԥсны АҶА ЛЖәР аҿы агуманитартә миссиа аԥхьатәи амчыбжь хыркәшоуп

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу АҶА аусзуҩцәа ЛЖәР ахь инеит рашәара 13 рзы агуманитартә миссиа анагӡаразы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ЛЖәР аҿы ргуманитартә миссиа аԥхьатәи амчыбжь хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Ииасыз амчыбжь азы АҶА аусзуҩцәа ақалақьқәа Стаханови Рубежноеи русура мҩаԥыргон, уажәы аиланхарҭа Красныи Лучахь ииасит. Аԥснытәии лугансктәии аиқәырхаҩцәа украинатәи ар еиладырбгаз аобиектқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥыргоит, аҵакырақәа аминақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәуеит.
Аԥсны
Лев Кәыҵниа Луганск афронт иаԥну ацәаҳәа даҭааит
Аԥснынтәи Луганскҟа инагоу жәа-тоннак агуманитартә цхыраара ареспублика ауааԥсыреи асоциалтә обиектқәеи ирзеихыршоит. Ара еиҳаракгьы иҟоу зыда ԥсыхәа ыҟам - азараҟьахәша, аӡыржәтә, арыцлых, атушонка роуп.
ЛЖәР аиқәырхаратә усбарҭа аиҳабы Евгени Кацавалови Лев Кәыҵниеи реиԥылараан Аԥсны иҟанаҵо ацхыраара ахәшьара ҳарак аиҭеит.