Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лев Кәыҵниа Луганск афронт иаԥну ацәаҳәа даҭааит

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазрушенная промзона в Рубежном
Разрушенная промзона в Рубежном - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Анапаҵаҩра
Ҩ-республикак ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инамаданы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ихьшәарҭам аҭыԥ аҟны аус руеит.
АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа даҭааит ақалақь Рубежное афронт иаԥну ацәаҳәаҟны иҟоу Луганск АҶА аҟәша. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аминистр игәеиҭеит Аԥснынтәи Луганскҟа инеиз аиқәырхаҩцәа ргәыԥ аус ахьыруа аҭыԥқәа ршәарҭадара зеиԥшроу.
Уажәазы ЛЖәР аҟны иҟоуп 15-ҩык Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Дара лугансктәи рколлегацәа ирыцхраауеит аибашьраҿ ааха зоуз аргыларақәа реиҭашьақәыргылараҿы. Раԥхьатәи русура рықәшәеит Стаханов ақалақь аҟны иҟоу астадион "Победа" аҟны, иара ааха аиуит украинатәи аибашьцәа рашәара 9 рзы ианеихс.
Иара убас, Аԥсны АҶА Луганскҟа инаргеит 10 тоннак агуманитартә еидара, еиҳарак лассы иԥхасҭамхо афатәи аӡыржәтәи.
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2022
Аԥсны
Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рахь хәажәкырамзаахыс инанашьҭхьеит 60 тонна агуманитартә цхыраара
Ажәабжьқәа зегьы
0