Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу арратә обиектқәа дырҭааны игәеиҭеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу арратә обиектқәа ргәаҭараз дырҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адҵаҟаҵаҩ хада азхьаԥшра ҷыда аиҭеит аинфраструктуратә обиектқәа ршәарҭадара аиҿкаара, ртехникатә еиқәыршәара, иҟаиҵеит анапынҵақәа.
Ахада иныҟәараҟны ицын Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаа Беслан Ҵәыџьба, Нодар Аҩӡба, Лизберт Поцхор-оӷлы, Аԥсны АшәМ ахантәаҩы Роберт Киут.