Аԥсны

Урыстәыла аҵараиурҭақәа ирҭоу аԥсуа студентцәа аҳәынҭусбарҭақәа рҿы рԥышәа еиздырҳауеит

Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" еиндаҭларатә ҳасабла аԥснытәи аҿар ацхыраара рырҭалоит Урыстәыла рҵареи рыстажировкеи амҩаԥгараз.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20- Sputnik. Москватәи аҵараиурҭақәа ирҭоу ԥшьҩык аԥснытәи астудентцәа Урыстәыла Афедералтә усбарҭақәеи аҳәынҭусбарҭақәеи рҿы астажировка иахыслоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
Апроект мҩаԥысуеит адәныҟаполитикатә усбарҭеи аплатформа "Аԥсны аԥеиԥши" рыдгыларала. Астажировказ иалкаахоит аҟыбаҩ змоу аҿар.

Алим Барцыц астажировка дахысуеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациеи акьыԥхьи р-Департамент аҿы, Баграт Ломиа — УА Афедералтә еизара Аҳәынҭқарратә Думаҿ, Викториа Григориан — Москва иналукааша амедиамаҵзураҿы, Елина Анқәабԥҳа — аҭыжьырҭа "Просвещение" аҿы.

Жәабранмзазы аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аусура иалагеит.
Ацентр еиндаҭларатә шьаҭала аԥсуа ҿар адгылара рнаҭалоит Урыстәыла иреиӷьу аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵараҵарази астажировка рахысрази. Ацентр амеханизм аамҭакала аус ацнаулоит Россотрудничество.