АҬ "Ԥсоу" аҟынтә автобусқәа ԥхынгәы 1 инаркны уахи-ҽни аҳаирбаӷәазаҟынӡа иныҟәалоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. АҬ "Ԥсоу" аҟынтә автобусқәа ԥхынгәы 1 инаркны уахи-ҽни аҳаирбаӷәазанӡа, уаантәи Шәача агәаҟынӡа иныҟәалоит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Шәача атранспорт адепартамент адиректор Виачеслав Бауер иажәақәа рыла, арҭ ахырхарҭақәа алагалоуп аҳаирбаӷәаза транспортла арманшәаларазы.
Уи адагьы, акурорт ауааԥсыреи асасцәеи рырманшәаларазы Гәбаадәахьы ауаажәларратә транспорт аныҟәара аусура ырҭбаахоит.
Ашықәс иалагазар Шәача рыԥсы ршьахьеит 2,7 миллионҩык. Ари ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿурԥшуазар 1,6% еиҳауп.