Арадио

Камлиаԥҳа Игор Џьопуа изы: иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит

47 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа. Аус ицызуаз Инесса Камлиаԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит аколлектив зегьы иашьак иаҳасабала дышрывагылаз.
Sputnik
Игор Џьопуа Нхыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә медицинатә академиа далгеит. 1999 шықәса раахыс аус иуан Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿ, 2015 шықәса раахыс ҳақьым хадас дыҟан. Џьопуа ахәшәтәырҭа ахыбра ҿыц аргылара ахылаԥшра аиҭон.
"Ҳгәыӷуан, иҽыхәшәтны даауеит ҳәа. Дҳавагылан еснагь ешьаҵас… Ҳара ҳколлектив хәыҷуп, ҭаацәак еиԥш ҳаҟан еснагь. Иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит, иџьабаа, иус рацәан. Аколлектив ҳацәгьа-ҳабзиа дагӡамызт, изымыӡбоз ус ыҟамызт. Зегьы иара иакәын еиҿызкаауаз. Еснагь ҳгәаанагара дазҵаауан, ҳаргьы иаҳаҭыр баны ҳивагылан", - лҳәеит Камлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.