https://sputnik-abkhazia.info/20220621/kamliaa-igor-opua-izy-iara-izy-iualak-zegy-makhoit-1039715101.html
Камлиаԥҳа Игор Џьопуа изы: иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит
Камлиаԥҳа Игор Џьопуа изы: иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит
Sputnik Аҧсны
47 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа. Аус ицызуаз Инесса Камлиаԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит... 21.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-21T16:19+0300
2022-06-21T16:19+0300
2022-06-21T16:19+0300
арадио
аподкаст
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/15/1039720404_0:0:720:406_1920x0_80_0_0_55c0affbf0f1a6b4f1cd9262c31608e1.jpg
Камлиаԥҳа Игор Џьопуа изы: иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит
Sputnik Аҧсны
Камлиаԥҳа Игор Џьопуа изы: иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит
Игор Џьопуа Нхыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә медицинатә академиа далгеит. 1999 шықәса раахыс аус иуан Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿ, 2015 шықәса раахыс ҳақьым хадас дыҟан. Џьопуа ахәшәтәырҭа ахыбра ҿыц аргылара ахылаԥшра аиҭон."Ҳгәыӷуан, иҽыхәшәтны даауеит ҳәа. Дҳавагылан еснагь ешьаҵас… Ҳара ҳколлектив хәыҷуп, ҭаацәак еиԥш ҳаҟан еснагь. Иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит, иџьабаа, иус рацәан. Аколлектив ҳацәгьа-ҳабзиа дагӡамызт, изымыӡбоз ус ыҟамызт. Зегьы иара иакәын еиҿызкаауаз. Еснагь ҳгәаанагара дазҵаауан, ҳаргьы иаҳаҭыр баны ҳивагылан", - лҳәеит Камлиаԥҳа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/15/1039720404_0:0:720:540_1920x0_80_0_0_03dc0255eb5849f0deda885655c2bd77.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аподкаст, аԥсны, аудио
Камлиаԥҳа Игор Џьопуа изы: иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит
47 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа. Аус ицызуаз Инесса Камлиаԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит аколлектив зегьы иашьак иаҳасабала дышрывагылаз.
Игор Џьопуа Нхыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә медицинатә академиа далгеит. 1999 шықәса раахыс аус иуан Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿ, 2015 шықәса раахыс ҳақьым хадас дыҟан. Џьопуа ахәшәтәырҭа ахыбра ҿыц аргылара ахылаԥшра аиҭон.
"Ҳгәыӷуан, иҽыхәшәтны даауеит ҳәа. Дҳавагылан еснагь ешьаҵас… Ҳара ҳколлектив хәыҷуп, ҭаацәак еиԥш ҳаҟан еснагь. Иара изы иуҳәалак зегьы маҷхоит, иџьабаа, иус рацәан. Аколлектив ҳацәгьа-ҳабзиа дагӡамызт, изымыӡбоз ус ыҟамызт. Зегьы иара иакәын еиҿызкаауаз. Еснагь ҳгәаанагара дазҵаауан, ҳаргьы иаҳаҭыр баны ҳивагылан", - лҳәеит Камлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.