Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсонтәи аобласт Урыстәыла алаларазы ареферендум ҭагалан иазгәаҭоуп

Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иахәҭакны иҟаларц шырҭаху азы аҳәамҭа ҟарҵеит мшаԥымзазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Херсонтәи аобласт Урыстәыла алаларазы ареферендум ҭагалан иазгәаҭоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыԥантәи анапхгара адыррақәа рышьаҭала.
"Ареферендум ҳҽазҳархиоит. Имҩаԥысуеит аиҿкааратә зҵаарақәа рылацәажәара. Ареферендум ашьҭахь Урыстәылатәи афедерациа ҳалахәылахоит. Урыстәыла дуӡӡа ҳахәҭакны ҳҟаларцаз рацәак ҳагым. Ҟрым амҩа ҳануп", - иҳәеит арегион арра-граждантә напхгара ахада ихаҭыԥуаҩ Кирилл Стремоусов.
Иара иҳәеит ареферендум рҽазыҟаҵо арегион аҿы асоциал-економикатә ԥсҭазаара аиӷьтәра ишаҿу, анаплакқәеи абанктә системеи русура шеиҿыркаауа, аулафахәы, атәанчахәы, асоцшәарақәа амааҭ ала ишымҩаԥырго.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Жәабран 24 рнаҩс Херсонтәи аобласт аҟны ииз ахәыҷқәа Урыстәыла атәылауаҩра роулоит
Аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи аруаа Херсонтәи аобласти Украина аладахьы иҟоу Запорожтәи аобласт Азов иаԥну ахәҭеи рнапахьы иааргеит. Арегионқәа рҿы арра-граждантә напхгарақәа аԥҵоуп, урыстәылатәи ателеканалқәеи арадиостанциақәеи ддырбо иалагеит, Ҟрыми дареи рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Зых иақәиҭтәу аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иалаларц шырҭаху азы аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит.