Аԥсны

Москва идырбахоит Аԥсны иҭырхыз афильм "Чик ихәыҷра"

Фазиль Искандер ирҿиамҭа "Чик ихәыҷра" ашьаҭала акинофильм аҭыхра мҩаԥысуан Аԥсны 2019 шықәсазы .
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер ирҿиамҭа "Чик ихәыҷра" ашьаҭала иҭихыз акинофильм Москва акино Аҩнаҿы идырбахоит рашәара 26 азы. Абри атәы аанацҳауеит акинематографистцәа Рыҩны Хада асаит.
Афильм аекран ахь ицәырҵит сынтәа, жәабранмзазы. Лаҵарамзазы апатриоттә кино иазку афестиваль "Адгьыл маҷ" ("Малая Земля"-аред.) аҟны "аԥсадгьыл маҷ ахь абзиабареи, ахәыҷра аамҭа ишьахәны аарԥшреи" рзы иҷыдоу адиплом ианашьахеит.
Аԥсны
Афильм "Чик ихәыҷра" Новороссииск аԥхьахә иаԥсахеит
Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер ирҿиамҭа "Чик ихәыҷра" ашьаҭала акинофильм ҭихит 2019 шықәсазы Аԥсны. Иара 88 минуҭ ицоит. Ахазхҭыс хадақәа мҩаԥысуеит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, "Брехаловка", адраматә театр аҿаԥхьа, ашкол аҿы, Алашарбага аҳаблан.
Афильм иалахәын 70-ҩык актиорцәа.
Актиортә ҵара инеибанеиԥшны ишрымамызгьы иҭыхыз зегьы аԥснытәиқәа ракәын. Ароль хада наигӡеит 14 шықәса зхыҵуаз Давид Ҵулукьиа.