Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афильм "Чик ихәыҷра" Новороссииск аԥхьахә иаԥсахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Съемки фильма "Детство Чика"
Съемки фильма Детство Чика - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
Арежиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны афильм "Чик ихәыҷра" ҭихит 2019 шықәсазы Аԥсны.
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов апатриоттә кино иазку афестиваль "Адгьыл маҷ" ("Малая Земля"-аред.) аҟны "аԥсадгьыл маҷ ахь абзиабареи, ахәыҷра аамҭа ишьахәны аарԥшреи" рзы иҷыдоу адиплом ианашьахеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит арежиссиор ихаҭа.
Галозов иажәақәа рыла, аԥхьахә дазыԥшымызт, аха аӡбаҩцәа рыхәшьара игәы иаахәеит.

"Ишызбо ала, афильм иахьатәи аамҭа иашьашәалаӡом азы ауп актуалра заҵоу. Иара убас, иактуалуп избан акәзар ауаа анкьатәи аамҭа иазхьаауеит, усҟан ауаа рыбжьара иҟаз аихаҵгылареи, ақьиареи, арыцҳашьареи гәхьааргоит. Уи акәхап ауаагьы заднаԥхьало", - иҳәеит Галазов.

Ажиури иазгәарҭеит, "асахьаҟны зегьы аинтерес шрыҵоу: Чагьамтәи Сандро ианшьа инаиркны, амилаҭтә хаҿреи рыԥсҭазаашьеи аҟынӡа", - абас лыҩуеит арежиссиор Темина Туаева лсоциалтә даҟьаҿы.
Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны асахьаркыратә фильм "Чик ихәыҷра" ҭыхын 2019 шықәсазы. Асахьа "Владикавказтәи аексперименталтә киностудиа" иҭнахит Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала. Иаарту урыстәылатәи апатриоттә кино иазку афестиваль "Адгьыл маҷ" ("Малая Земля"-аред.) мҩаԥысуан лаҵарамза 3 инаркны 7 нӡа Новороссииск. Аицлабра иалахәыз афильмқәа рбара рнаҩсан афестиваль апрограммаҟны иҟан аспектакльқәа, аконцертқәа, амастер-классқәа.
Кадр из фильма Аслана Галазова Детство Чика - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Аԥсны
Арежиссиор Аслан Галазов иусумҭа "Чик ихәыҷра" ахәаԥшцәа иддырбоит жәабранмзазы
Ажәабжьқәа зегьы
0