Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Киев Амшын еиқәаҿы имҩаԥнагаз ажәылара аҭак ҟанаҵеит

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аҵакыраҿы иҟоу арратә ргыларақәа ааха шырнаҭац ирынаҭоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Урыстәыла АМ аракетақәа "Оникс" рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа "Байрактар" Одесса амҵаҿтәи аҳаирпланказарма ааха арҭеит Украина имҩаԥнагаз адиверсиа аҭакс ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Киевтәи арежим адиверсиа аҭакс Одесса иахьаҵанакуа арратә аерадром "Школьный" ааха арҭеит амҵәыжәҩа змоу аракетақәа "Оникс" рыла. Аԥшыхәратә усурала ишьақәыргылан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа "Байрактар-ТБ2" ахьгылаз аҭыԥ", - аҳәоит адокумент аҿы.
Уи адагьы урыстәылатәи авиациа иҭанархеит ЗРК "С-300" ахысга шьақәгылақәа ҩба Одессатәи аобласт араионқәа Очакови Тузлеи рҿы. Адгьылбжьаха Кубанск аҿы ааха рыҭан 155-миллиметра згәыцә ыҟоу америкатәи агаубицақәа М-777.
Уи аԥхьа УАМ Амшын еиқәаҿы иҟоу агаз-платформақәа ааха рырҭеит. Урыстәыла атәылахьчаратә усбарҭа адыррала Киев асеиԥш ашьаҿа ҟанаҵеит аҽазныкгьы адгьылбжьаха Змеиныи анапахьы аагара аналымша ашьҭахь.