Аԥсны

Аполитолог аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара ашәарҭареи аԥыжәареи ахәшьара риҭеит

Рашәара 20 азы авидеоконференциа аформат ала имҩаԥган аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Аполитолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Николаи Ҭраԥшь арадио Sputnik аинтервиу аҭо ахҳәаа азиуит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аилатәара.
"Ари иҟоу ахықәкы анагӡаразы раԥхьатәи шьаҿоуп. Ҳәарада иаразнак аӡәгьы дазԥшӡам раԥхьтәи аиԥылара ашьҭахь зегь еиқәшәшәа иҟалоит ҳәа, избанзар ара аполитикатә хәҭагьы аҭыԥ амоуп, ирацәоуп аҳәаахьчаратәии аҳазалхратәии хылаԥшра, азинхьчаратә усура уҳәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьақәа. Арҭ зегьы шәҟәыла ишьҭыхтәуп. Акомиссиа аусура аамҭа аҭаххоит, ашәҟәқәа зегьы рхатә ҟазшьа ахьрымоу азы", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҭраԥшь иазгәеиҭеит аусура нап ахьарку хра шамоу, аганқәа ауадаҩрақәа еиԥшны иахьырбо. Убри аан иара иҳәеит, акы-ҩба еиԥыларала иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбра шазымхо.
Аҳәаа ахысра армариара шәарҭараны ашьара далацәажәо Ҭраԥшь иҳәеит 4,5 нызқь километра инаӡо Урыстәылеи Ҟазахсҭани иаарту рҳәаа иахырго аҟара аҳәаа мҩаҭшәаррагьы иахугар шалшо.
"Сгәанала аконтрабанда, абџьар, ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рахыгара аԥырҟәҟәаара амеханизм аус ауеит ҳәа. Амҩакыгада, детекторда – амала уи аҭагылазаашьа ианырԥшны ишахәҭоу аус адулатәуп", - ҳәа иҳәоит аполитолог.
Аԥсны
Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара: аихшьалақәа
Иара игәаанагарала, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара иҳәаарку аиқәшаҳаҭрақәа аус рурц азы аҩ-ҳәынҭқаррак рзинқәа реишьаршәалара аҭахуп.
"Ари иаанагом Аԥсны урыстәылатәи азинтә нормақәа хҩылааны ахы ианархәароуп ҳәа. Ари иаанаго Урыстәылеи Белоруссиеи реиԥш афинанс-нхамҩатә усура ахкаҿы ишалшо ала аиԥшызаара рыҭатәуп ауп. Ари иаанагом асуверинитет аӡра, аполитика анажьра. Ари апроцесс аганқәа рыҩбагьы рҭахрақәа разгәаҭароуп иаанаго", - ҳәа азгәеиҭоит аполитолог.
Рашәара 20 азы авидеоконференциа аформат ала имҩаԥган аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара.
Урыстәыла Атранспорт аминистрра аԥснытәи аган агәра анаргеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала аекскурсиатә ныҟәарақәа рзы даҽа мҩасырҭа-цәаҳәак шеиҿкаахо азы.
Анаҩстәи аиԥылара азгәаҭоуп ԥхынгәы 20 азы.