Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара: аихшьалақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Рабочая группа по облегчению перехода российско-абхазской границы провела заседание
Рабочая группа по облегчению перехода российско-абхазской границы провела заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2022
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аԥснытәи алахәылацәа актәи аилатәара аихшьалақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥыргеит.
АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ААР Амедиацентр авидеоконференциа аформат ала имҩаԥнагеит Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара.

"Иахьа Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхынтәи акурорттә аамҭазы изҵоу аидара хыԥхьаӡарала иазгәаҭан. Урыстәылатәи аган адырра ҳанаҭоит урыстәылатәи аган аҿы уахыки-ҽнаки рыла ианеиҳаха 58 000-ҩык ахысра рылшоит ҳәа. Аха иахьазы 46 000-ҩык шахысуа азгәаҭоуп. Ус анакәха, маҷк аԥсеивгарҭа рымоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Убри аан дара аушьҭырҭақәа зегьы ахархәара рыҭоуп ҳәа рҳәоит. Ҳара ари ҳақәшаҳаҭым раҳҳәеит, избанзар аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа шацу ҳара ҳхаҭақәагьы иаабоит", - иҳәеит Апарламент адепутат, аусутә гәыԥ аԥсуа хәҭаҟынтә ацхантәаҩ Алхас Барцыц.

Апарламентари иҳәеит лаҵара 30 рзы аҳәааҿ ауаа ахьырацәахаз иахҟьаны ашлагбаум шаркыз.
"Ҳара уахь ҳнеины иҟалаз амзыз аилкаара ҳҽазаҳшәеит. Иҟан еиуеиԥшым аверсиақәа урыстәылатәи аган аҟынтәи: зны абаза еихлацәеит рҳәеит, даҽазны аблогерцәа аҳәааҿ ари аҭагылазаашьа аԥырҵеит рҳәеит. Убас, иҟалаз шыҟалаз инагӡаны аилкаара залмыршахеит", - иҳәеит иара.
Ари азҵаара иалацәажәан аусутә гәыԥ аилатәараҿы. Иӡбан урыстәылатәи аган аҟынтәи амаҵзуратә хаҿқәа алкаазарц асеиԥш иҟалало аҭагылазаашьаан аинырразы. Алхас Барцыц иҳәеит аусутә ӷәыԥ аурыс ган ԥхынгәы 20 рзы аҳәаа ишаҭаауа, уаанӡа аԥснытәи аган изныкымкәа аҳәааҿ аҭагылазаашьа зеиԥшроу азгәанаҭараны ишыҟоу.
"Атранспорттә цәаҳәа 23 мҩасырҭа амоуп. Иҳамоу аинформациала, 2-2,5 сааҭ аамҭа аҭахуп екскурсиатә автобуск апаспорттә гәаҭара ахыжьразы", - азгәеиҭеит Барцыц.
Аекскурсиатә мҩасырҭа аҭагылазаашьаз акәзар, Урыстәыла Атранспорт аминистрра аԥснытәи аган агәра анаргеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала даҽа мҩасырҭа-цәаҳәак шеиҿкаахо азы ҳәа иҳәеит ацхантәаҩ.
"Ари даҽа паспорттә гәаҭаратә ҭыԥны иҟалоит, абри аган аҿы аҳәаа ахысра армариоит", - иҳәеит Алхас Барцыц.
Аусутә гәыԥ алахәыла, Аԥсны Апарламент адепутат Ерик Рштуни иҳәеит аилатәараҿы Ԥсоу аӡиас иху ацҳа аиҭашьақәыргылара азҵаара шцәыргаз.

"Лаҵара 25 рзы ари азҵаара иалацәажәан. Урыстәыла Атранспорт аминистрра иазгәанаҭеит ацҳа аиҭашьақәыргылара 4,9 миллиард мааҭ азырхоуп ҳәа. Уажәгьы иалацәажәан арҭ аусурақәа актуалра шрылоу. Иара убасгьы ирылацәажәан аихамҩатә, аҳаиртә, акруизтә еимадарақәа. Арҭ азҵаарақәа аус рыдырулоит, урҭ аҳәааҿ аҭагылазаашьа акыр идырмариар алшоит", - иҳәеит Рштуни.

Аԥсны ААР аконсултә департамент анапхгаҩы, аусутә гәыԥ алахәыла Лаша Аҩӡба иазгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтәи аилатәараҿ ишықәыргылаз азҵаара Урыстәылатәи Афедерациахь алалараз аԥкақәа рахыхразы.
"Арҭ аԥкрақәа аковидаамҭазтәи ԥкрақәоуп. Урыстәыла ААР ИАР атәылақәа рзы аԥшьбатәи адепартамент аҟынтәи ҳколлега иҳәеит ари аус шадыруло. Ҳара аинформациатә еилыркаага азырхианы Аԥсны аиҳабыра ирзынаҳашьҭит, ашәҟәы ҳашьҭит Мишустин ихьӡала. Уа аҳәара ҟаҳҵеит арҭ аԥкрақәа ахыхзарц. Аҳәаанырцә тәылауаа аҳәааҿы еизоит, аҳәаахьчаҩ иеиҳабыра иҽрымеидоит агәыԥ иалоу ахаҿқәа ирызкны драцәажәаразы. Ари аамҭа агоит. Аԥкрақәа рзырхан Урыстәыла изаламлоз ахԥатәи аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа", - иҳәеит Аҩӡба.
Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аԥҵаразы аӡбара рыдыркылеит ИАР аусқәа, аџьынџьуаа ринтеграциеи урҭ рымадареи рзы Аҳәынҭдума аилак аилатәараҿы лаҵара 25 рзы Москва.
Граница Абхазии и России с воздуха - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2022
Аԥсны
Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаара иалацәажәеит Москва
Ажәабжьқәа зегьы
0