Аԥсны

Аԥсны ахәҭак рашәара 23 азы лашарада иаанхоит

Арыцқьаратә усурақәа инарыдҳәаланы аусура анкылахоит Авольтҳарак цәаҳәа -220 Бзыԥ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Уаҵәы, рашәара 23 азы Аԥсны мраҭашәаратәи араионқәа лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

АЦә-220 "Бзыԥ" дырцәоит асааҭ 05:00 - 07:00 рзы. Лашарада иаанхоит Гагра араион, Пицунда, Гәдоуҭа араион ахәҭак.

"Амшынеиқәафымцамч" аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵоит.