Аԥсны

Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхразы азакәан аԥсахрақәа алагалоуп

Ариашарақәа инарықәыршәаны адепутатрахь кандидатс дҟалар илшоит иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса инаркны аусутә џьашықәс змоу.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхраз" аԥсахрақәа рыдыркылеит.

Аԥсахрақәа инарықәыршәаны ддепутатхар илшоит иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса инаркны аусутә џьашықәс змоу.

Арҭ ариашарақәа уаанӡатәи ааԥхьара адепутатцәагьы алацәажәахьан. Усҟан адгалара азҭаз адепутатрахь акандидат иқәреи, иҵареи, адепутатцәа ателехәаԥшреи арадиои рҟны еиҟароу аамҭа рыҭареи ракәын.
Ариашарақәа рылацәажәараан дара рыдкыларазы иазхоз абжьы ҟамлеит.
Аԥсны
Жәлар Реизара аекспорттә кредит ашәара аҿҳәара иацнаҵеит