Асезон еилашуеит, сынтәатәи ацха бзиоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Бигәаа.
"Амш аныбзиоу, амра аныԥхо ацха аизгара иаҳа иманшәалоуп, усҟан ашьхыцқәа рлеишәа бзиоуп. Шьхымзаҭрак аҟнытә бжьаратәла 15 кьыла ҳауеит", - иҳәеит ашьхааӡаҩ.
Ашьха аҭиразы азҵаатәы аҽеиҭанамкит, иааидкыланы иахьаҳҭаша аҭыԥ ыҟаӡам, ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.
"Ҩышықәса раԥхьа атәыла ахада даҳҭан. Агәыӷра ҳарҭеит ацха аҭиразы иҟоу ауадаҩрақәа шыӡбахо ала, аха макьана ҳзықәгәыӷша ҳәа акгьы ҳамаӡам. Абри ала ҳхы ныҟәаҳгоит. Арасагьы ҳаман, аха ақәӡаара иалагеит. Аханатә ацхоуп ҳазҿу. Ҭхьына шамахамзар аԥсшьаҩы даднагалаӡом, ацха иурхәҳартә еиԥш, изҭаху дцәырҵыр ҳәа ҳаԥшуп", - иҳәеит Бигәаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.