Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бигәаа ацха аԥшара аамҭазы: асезон еилашуеит, аха аҭиразы азҵаара ӡбамкәа иаанхоит

Бигәаа ацха аԥшара аамҭазы: асезон еилашуеит, аха аҭиразы азҵаара ӡбамкәа иаанхоит
Анапаҵаҩра
Маитәи ацха ааԥшра аамҭа ааит. Сынтәа аӡәырҩы еилкаам амзызкәа ирыхҟьаны рышьхыцқәа шыԥсызгьы, зҿы еиқәхаз рҽаҩра аизгара иаҿуп. Ҭхьына инхо ашьхымзааӡаҩ Даур Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ацха аҽаҩра зеиԥшроу, уи ахаҭабзиара шыҟоу.
Асезон еилашуеит, сынтәатәи ацха бзиоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Бигәаа.
"Амш аныбзиоу, амра аныԥхо ацха аизгара иаҳа иманшәалоуп, усҟан ашьхыцқәа рлеишәа бзиоуп. Шьхымзаҭрак аҟнытә бжьаратәла 15 кьыла ҳауеит", - иҳәеит ашьхааӡаҩ.
Ашьха аҭиразы азҵаатәы аҽеиҭанамкит, иааидкыланы иахьаҳҭаша аҭыԥ ыҟаӡам, ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.
"Ҩышықәса раԥхьа атәыла ахада даҳҭан. Агәыӷра ҳарҭеит ацха аҭиразы иҟоу ауадаҩрақәа шыӡбахо ала, аха макьана ҳзықәгәыӷша ҳәа акгьы ҳамаӡам. Абри ала ҳхы ныҟәаҳгоит. Арасагьы ҳаман, аха ақәӡаара иалагеит. Аханатә ацхоуп ҳазҿу. Ҭхьына шамахамзар аԥсшьаҩы даднагалаӡом, ацха иурхәҳартә еиԥш, изҭаху дцәырҵыр ҳәа ҳаԥшуп", - иҳәеит Бигәаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0