Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыдаз: аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп

Ԥшьымз ирықәуп Украина аоперациа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи, урыстәылатәи ар жәыло рнапы иану аусқәа рынагӡара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыда иалацәажәо иазгәанаҭоит аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп ҳәа.
"Рашәара 21 азы урыстәылатәи ар Николаевсктәи аӷбаргыларатә зауад "Океан" ацехқәа рҿы игылаз УАМ абџьари аибашьыга техникеи ааха рырҭеит, иҭадырхеит 500-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
60% рҟынӡа аррамаҵзурауаа ацәыӡит ЛЖәР аиланхарҭақәа Горское, Подлесное, Врубовка рҿы еибашьуаз 57-тәи амотошьаҟатә бригада абатальон. Дара зегьы рнапхгара рыдҵақәа рынагӡара мап ацәкны рпозициақәа нрыжьит.
Иара убасгьы ДЖәР, Николаевка иахьаҵанакуазынтә иқәган ЕААи Великобританиеи рҟынтәи иааны еибашьуаз 30-ҩык ахәцәеи ишьыз ааҩыки урыстәылаа ирытҟәар ҳәа ишәаны.
Урыстәыла жәабран 24 азы иалагеит аоперациа ҷыда Украина. Киев аганахь еибашьуеит аԥара ззыршәо аҳәаанырцәуаа рацәаҩны. Урҭ жәларбжьаратәи агуманитартә зин анормақәа рыла комбатантны ишьаӡам.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Америка Украина бџьарла иахьеиқәнаршәо азы: ррыцҳара иацнаҵоит